Арадио

Кәарҷиа: аҟаза аԥелуан диҩызоуп, иҽазыҟаимҵалар, иус дацәыхьшәашәоит, дацәыӡуеит

Анапҟазацәа рцәыргақәҵа аиҿкааҩ Жәлар рырҿиара ацентр аиҳабы Нури Кәарҷиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит уи шымҩаԥысуа, иалахәхо.
Sputnik
"Ахьынапқәа" ҳәа хьӡыс измоу анапҟазацәа раалыхқәа рцәыргақәца еиҿкаахоит Аҟәа цәыббра 30 Аиааира амш аҽны. Уи амҿлых, анышәаԥшьлых, аӡахра, уҳәа знапы алаку анапҟазацәа злахәхо цәыргакәҵахоит.
"Аныҳәа аҽны Баграт Шьынқәба ихьӡ зху абаҳчаҿы, апандемиа аамҭазы ишаҭаху ахымҩаԥгашьа аарԥшны, еиҿаҳкаауеит. Уажәы ус аамҭа ҟалеит, акультура аусзуҩцәа зынӡа ҳрымбаргьы, аӡәы ихы ихьуашәа збаӡом. Аҟазауаҩы аԥелуан диҩызоуп, иҽазыҟаимҵар жәамш илоу зегьы ыӡуеит. Ауаҩы иус дацәыхьшәашәахар ҟалоит, дацәыӡыр, убри аҟынтә имҩаԥаагоит абри ареспубликатә цәыргақәҵа", - иҳәеит Кәарҷиа.
Иаҳа инарҭбаау аицәажәара аудиофаил аҟны.