Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Шьанаа Гәылрыԥшь араион Бароуахә иҟоу ақьафурҭа иазкны

Гәылрыԥшь араион Бароуахә (Черниговка ҳәа ззырҳәо) ақыҭаҟны иҟоу ақьафурҭа аԥшәма Игор Шьанаа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит уи шаартхаз, шаҟаҩы аус руа, аҭааҩцәа рыла иахьынӡабеиоу.
Sputnik
"Мышкызны ԥсҭазаарак ҟалар иманшәалахоит ҳәа ҳазхәыцны иааҳартит 2007 шықәсазы, иахьазы аус руеит 30-ҩык раҟара, урҭ рахьынтә быжьҩык раҟара атәым милаҭ роуп, егьырҭ аԥсыуаауп. Аҭыԥаҟны иҟоу аӡхыҽҽа хәыҷқәа зегьы ҳнапала иҟаҳҵаз роуп. Аҟәрышь иҳауаз аҭыԥ иадаҳҵон, иахьагьы уи ҳаҿуп. Аԥсабарагьы ҳаламкьыскәа излауаз ауаа рзы аҭыԥқәа еиҿаҳкааит. Иҟоуп амшцәгьаан аӡы анҳԥырхагахо, аха иҟаҳҵари, иҳарҿыцуеит", - иҳәеит Шьанаа.
Иара иазгәеиҭеит сынтәа араионтә биуџьет 600 нызқь раҟара ашәахтәқәа шаларгало.