Арадио

Ферзба Тҟәарчал ашколқәа рҟны аҿкы азы аҭагылазаашьа зеиԥшроу еиҭеиҳәеит

Тҟәарчал араион аҵара аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Даур Ферзба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит араионтә школқәа рҟны аҿкы азы аҭагылазаашьа зеиԥшроу, дазааҭгылеит иахьазы шаҟаҩы ахәыҷқәеи арҵаҩцәеи ачымазара рыдбалоу рхыԥхьаӡара.
Sputnik
"Араион аҿы 17 школ ыҟоуп, уи адагьы ацхыраагӡатә школгьы ҳамоуп, иара убас - х-хәыҷбаҳчак. Цәыббрамза инаркны иахьанӡа ақалақь аҩныҵҟа хәҩык ахәыҷқәа аҿкы рыдбалоуп, дара аҳақьымцәа хылаԥшра рырҭоит. Аҩбатәи ашкол аҿы х-класск аркуп, иара убас Оқәымтәи ашкол аҿы класск. Арҵаҩцәа ракәзар, 355-ҩык ахьыҟоу- 13-ҩык чмазаҩуп. Иааидкыланы араионтә школқәа рырҵаҩцәа 60-ҩык рҟынӡа алаҵа ҟарҵахьеит, иҟоуп ачымазара зхызгахьоугьы", - еиҭеиҳәеит Ферзба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.