"Формула-1" алахәылацәа Шәачаҟа аара иалагеит

Цәыббра 22 инаркны абизнес-авиациа ареисқәа рыла Шәача цәыббра 23-26 рзы имҩаԥысуа "Формула-1" алахәылацәа аара иалагеит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 22 - Sputnik. "Формула-1" акомандақәа "Ferrari", "Mercedes" уҳәа егьырҭгьы рымаҵ зуа атехникатә усзуҩцәа Италиа, Швеицариа, Британиа ду рҟынтәи авиареисқәа хәба рыла иаахьеит, абри атәы аарыцҳауеит Краснодартәи аҳазалхырҭа Шәачатәи амаҵзураҟынтә.
Актәи ареис ааит Британиа ду аҟнытә.
Краснодартәи аҳазалхыҩцәа 10 тоннак рҟынӡа аидара, аспорттә форма, аспорттә маҭәарқәеи ашәҟәы иҭаргалеит. Аҳазалхратә гәаҭара иахыжьуп 800-ҩык рҟынӡа.
Ари амчыбжь аҩныҵҟа ахәаԥшыҩцәа, "Формула - 1" аусуцәа, аспортсменцәа, Аинформациатә маҵзурақәа рхаҭарнакцәа рзы иҷыдоу аҽа хә-реиск ирзыԥшуп.
1 / 2
"Формула-1" алахәылацәа Шәачаҟа аара иалагеит
2 / 2
"Формула-1" алахәылацәа Шәачаҟа аара иалагеит
Краснодартәи аҳазалхырҭа Шәачатәи аҳаиртә баӷәазахь иааргахьеит 600 тонна аидара – 200 миллион доллар рҟынӡа иаԥсоу - "Ferrari", "Merсedes", "McLaren", "Honda" акомандақәа рзы аболидқәеи, урҭ рыхәҭақәеи.