"Аиааира амш азы усмҩаԥгатәк еиҿымкаакәа амузеи аҟны ҳнапы еиқәыԥсаны ҳазтәом ҳәа азыҳаӡбеит. Ҩба-хԥа хырхарҭа аус рыдаҳуларц ҳгәы иҭаҳкит, аамҭа бзиак ҟалар ҳхы иаҳархәарц. Урҭ аус рыдулара ҳшаҿыз, акультура аминистр ҳаҽимаҳдеит, азингьы ҳаиҭеит. Арҵаҩцәагьы рыҽҳамаданы ирҳәон, ашкол аҟны ахәыҷқәа аҵара ддырҵар анауа аамҭазы, избан амузеи ахь изрызнамго ҳәа. Иҳаӡбеит 15-хәҩык иреиҳамкәа, амҩаԥгаҩцәа аӡәаӡәа нарыцҵаны, амузеи аҭаара рзеиҿаҳкаарц. Ҳҭоурых ахәыҷқәа ирыдаҳгалароуп, апатриотизм рылааӡатәуп, ари ҳмырӡроуп. Аԥсадгьыл ахьчара анаҭаху ишадгылатәу рхы-ргәы аҿы анагаразы аусмҩаԥгатәқәа ыҟазароуп", - азгәалҭеит Беииаԥҳа.
Лара илҳәеит амузеи аҭаара агәаҳәара зауа адуцәагьы ҟалар, ирацәаҩымкәа, асабрадақәа рҿаҵаны инарышьҭыр шалшо.
Иаҳа инарҭбааны аицәажәара аудиофаил аҟны.