Урыстәылатәи аекспертцәа аштамм "дельта" аҽыԥсахрақәа ахәшьара арҭеит

Аштамм дельта иаҷыдаҟазшьаны иҟоуп аинкубациатә аамҭа кьаҿ, ауаҩы ицәежь еиҳа анырра азура.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 22 - Sputnik. Акоронавирустә инфекциа ԥхьаҟагьы аҽеиҭанаклоит, аиҳаракгьы аштамм "дельта", абри атәы РИА Новости иазеиҭаиҳәеит Роспотребнадзор аепидемиологиа Ацентр аметод ҿыцқәа рыҭҵаара агәыԥ анапхгаҩы Камиль Хафизов.
Роспотребнадзор аҿы аштамм "дельта" азы азҵаарақәа рҭакқәа ҟарҵеит
Убри аан иазгәеиҭеит аштамм еиҳа ишәарҭаны иҟалом ҳәа.
"Аиҳарак ари аштамм иарҿио егьырҭ авариант ҿыцқәа цәырҵуеит. Арҭ аштаммқәа анаҩс рҽеиҭарклоит аген S-хӡы аҟны адагьы", - иҳәеит Хафизов.
Аҳәаанырцәтәи аҵарауаа акьыԥхьымҭақәа цәырыргеит "дельта" аҽа штаммқәак рахь ииасыр алшом ҳәа.
Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара SARS-CoV-2 аҽеиҭакрақәа ԥшьба "угәы змырҭынчуа асиа" иадырбеит: аштаммқәа "альфа" (британиатәи), "бета" (аладафрикатәи), "гамма" (бразилиатәи), "дельта".
Аштамм дельта иаҷыдаҟазшьаны иҟоуп аинкубациатә аамҭа кьаҿ, ауаҩы ицәежь еиҳа анырра азура.