"Асовет ҳәынҭқаара аныбга, аԥсуаа ҳӷьаҵәыӷьыҵәуа ҳамацара ҳаанхеит ҳхы злаҳахьчауа мчы ҳамаӡамкәа. Уи ҳала ишабоз иҟалеит, убри аҟнытә аԥсуаа ҳааизаны, ҳаицәажәаны "Аидгылара" ҳәа аԥаҳҵеит. Уи ҳхы иархәаны, егьырҭ ажәларқәа рхаҭарнакцәагьы ҳаидгыланы аҽазыҟаҵара ҳалагеит Апарламент ахь алхрақәа. Усҟан ақырҭцәа ирацәажәатәын, гәҭыхас иҟаз дара ракәын. Избанзар, дареи ҳареи иаҳшар акәын аквота. Ари Қарҭ инагатәын, ҳара ҳаиқәшаҳаҭра 28-ҩык аԥсуаа, 26-ҩык ақырҭцәа алаҳхуеит ҳәа азгәаҭаны, 11-ҩык егьырҭ амилаҭқәа рыквота ҟалоит ҳәа ҳанеицәажәа, иџьоушьараны иҟоу, Қарҭ иақәшаҳаҭхеит. Ас абӷа аныҟала, даргьы ақырҭцәагьы ргәы ҭынчны аусура ҳалагеит…", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ԥлиа.
Аԥсуа жәлар риааиреи рхьыԥшымреи аагараҿы акырзҵазкуа аҭыԥ ааныркылоит Ареспублика Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет 1991 - 1996 шықәсқәа рзтәи адепутатцәа. Раԥхьатәи Апарламент ашьақәгылара аамҭа иацыз ауадаҩрақәа, алхыҩцәеи адепутатцәеи ишрықәыӷәӷәоз, ишдыршәоз, аха зегь акоуп Аԥсны Жәлар Реизара инанагӡеит ажәлар ргәыӷрақәа. Раԥхьатәи Апарламент напхгара азнауан аԥсуа жәлар рхақәиҭреи рхьыԥшымреи рзы рықәԥара. Ареспублика Аԥсны раԥхьатәи Жәлар Реизара напхгара аиҭон Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы Владислав Арӡынба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.