Путин Перм ауаа иреихсуаз даанызкылаз аполициа аусзуҩцәа аҳамҭа ранеишьеит

Цәыббра 20 азы Пермтәи амилаҭтә ҭҵаарадырратә университет аҵакыраҿы астудент аҵаратә корпус аҿы ахысра далагеит. Ф-ҩык ҭахеит 42-ҩык аахақәа роуеит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 23 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Агәымшәараз амедал ианеишьеит Перм ауаа ҭазырхаз ауаҩы даанызкылаз аполициа аусзуҩ, аполициа алеитенант еиҵбы Константин Калинин ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Алеитенант еиҳабы Владимир Макаров ианашьоуп амедал "Ауаажәларратә еиҿкаара ахьчараҿы аҽалкааразы". Макаров ауаа аҵараиурҭа ахыбра рдәылгара еиҿикааит.
Ахада иусдҵа атекст аҿы иарбоуп арҭ рҩыџьагьы фырхаҵарыла рхы мҩаԥыргеит ҳәа.
Урыстәыла ААР ахада Владимир Колокольцев Калинин изаамҭанытәиу ачын " аполициа алеитенант " ииҭеит,  Макаров — "аполициа акапитан ".
Пермтәи ауниверситет аҿы ахысра иахҟьаны иҭахаз рхыԥхьаӡара еилкаахеит
Цәыббра 20 азы Пермтәи амилаҭтә ҭҵаарадырратә университет аҵакыраҿы ауниверситет астудент аҵаратә корпус аҿы ахысра далагеит. Ф-ҩык ҭахеит 42-ҩык аахақәа роуит.
Аусбарҭа адыррақәа рыла, ахҭыс ахьыҟалаз раԥхьа инеиз иреиуоуп  аполициа алеитенант аиҳабы Владимир Макарови аполициа алеитенант еиҵбы Константин Калинини. Макаров аҭыԥ аҟынтәи ауаа рықәгара далагеит, Калинин аҵараиурҭахь дыҩналеит. Уа дибеит абџьар зкыз ауаҩы. Аиҿахысра ашьҭахь ацәгьоуҩы дихәит, анаҩс иабџьар ихихит, раԥхьатәи ацхыраарагьы изыҟаиҵеит.
Анаҩс ахәшәтәырҭахь днаргеит. Ашьаус абри ахҭыс аганахь ала ихацыркуп. Ацәгьоуҩы аашықәса инаркны ҩажәашықәсанӡа иқәырҵар ҟалоит мамзаргьы иԥсы ахьынӡаҭоу ҭакрала ахыгара иқәырҵар ҟалоит.