Амааҭ адунеи аҿы еиҳа ахархәара зырҭо авалиутақәа ирыҵанакуеит

Фышықәса раԥхьа Урыстәылатәи амааҭ адунеи аҿы еиҳа ахархәара зырҭо авалиутақәа 20 рхыԥхьаӡараҟны иҟан, аха 2015 шықәсазы аҭыԥ аннажьит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 24- Sputnik. Амааҭ адунеи аҿы еиҳа ахархәара зырҭо авалиутақәа 20 ирыҵанакуеит аҵыхәтәантәи ҩымз рыҩныҵҟа жәларбжьаратәи ԥарашәараҿы 0,18% аманы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости абанкбжьаратә ԥареиҭарсра асистема SWIFT адыррақәа шьаҭас иганы.
Адоллар аасҭа ифеидоу авалиута аӡбахә рҳәеит
Ареитинг аҿы урыстәылатәи аԥара аҟазаара Урыстәыла Абанк азыԥҵәа иахьацлаз ауп ҳәа ишьоит НРА ареитингтә маҵзура адиректор Сергеи Гришунин.
"Атранзакциақәа carry trade рыла аԥара зырҳар зҭаху жәларбжьаратәи аԥареиҭарсыҩцәа рзы ишьақәтәоу амааҭ акраҵанакуаны иҟоуп. Амааҭ акаҳара иалагар, усеиԥш ҟалар алшоит аӡынразы, анефҭ ахә лаҟәуа иалагар, амааҭгьы ирҭаххо валиутахаӡом. Еиҭахгьы ахархәара зырҭо авалиуҭақәа 20 рыбжьара иалҵыр акәхоит". - ҳәа иҳәеит аексперт.
Аҩбатәи амзыз акәны иазгәеиҭеит, атәыла аиҳабыра аилахәаахәҭраан ахәԥсашәаратә валиутаны амааҭ ахархәара иахьалагаз.
Нанҳәамзазтәи арбагақәа рыла актәи аҭыԥ ннакылоит адоллар - 40,04%. Аҩбатәи аҭыԥ евро -37,95%. Ахԥатәи аҭыԥ фунт стерлинг - 5,72%.
Аԥхьатәиқәа хәба ирыҵанакит иапониатәи аиена -2,73%, китаитәи иуань - 2,15%.