Аиҿцәажәара инеиҵыхны шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Еицырдыруа археолог, кавказҭҵааҩы, аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩы, аорден "Ахьӡ-Аԥша" I аҩаӡара занашьоу Иури Николаи-иԥа Воронов диит Ҵабал ақыҭан, Вороноваа ргәараҭа "Иасочка" аҟны. Воронов дыԥхьаӡоуп ижәытәӡоу аԥсуа хылҵшьҭра – аԥсилааи, Аԥсилиеи рыҭҵаараҿы иреиҳаӡоу азҟазаны. Ҵабал имҩаԥыргоз археологиатә ԥшаарақәа – Ҵабалтәи аекспедициақәа ҳәа хьӡыс ироуит.
Иури Воронов дравторуп – 800 инареиҳаны аҭҵаарадырратәи апублицистикатәи статиақәа, уахь иаҵанакуеит 30 монографиа. Иҟоуп макьана икьыԥхьым аҵарауаҩ иусумҭақәагьы.
1995 шықәса, цәыббра 11 рзы Иури Николаи-иԥа Воронов итаацәеи иареи ахьынхоз Аҟәатәи иҩны аҿаԥхьа дшьын. Анышә дамадоуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи ааигәара. Аҳҭнықалақь амҩадуқәа руаки ахԥатәи абжьаратә школи ихьӡ рхыуп.