Рнапала игәырӷьоит: ажьицәа-абџьарҟаҵаҩцәа мгәыӡырхәатәи рфестиваль "Аихамца"

Цәыббра 24 рзы Мгәыӡырхәа ақыҭан аетнопарк "Аԥсны" аҿы иаадыртыз ажьицәа-абџьарҟаҵаҩцәа рфестиваль "Аихамца" иалахәуп Аԥсни Урыстәылеи рҟазацәа.
Sputnik
Ажьицәа-абџьарҟаҵаҩцәа рфестиваль Аԥсны раԥхьаӡа акәны еиҿыркааит. Уи цәыббра 24-26 рзы имҩаԥыслоит аетнопарк "Аԥсны" аҿы. Уи рхы аладырхәырц иааит аҭыԥантәиқәа рыдагьы, Иакутиа, Брест, Белгород, Маиҟәаԥ ақалақьқәа рҟынтәи аҟазацәагьы. 
Хымш ирылагӡаны ажьицәа аиха дырҭәалоит, дамасктәии амоизака иаҩызоуи аџыр ҟарҵалоит, аԥсуа ҳәызбақәа, аҿыбџьар, ахҿақәа. Урҭ зегьы реиҳарак излырхуа Бырзышьха иҵхны илбааргаз 300 килограмм иҟоу аихамаден ауп. 
Амаден аихамаҭәа алырхырц азы идыргылеит аихаӡырҭақәа ҩба, 1200 градус рҟынӡа ашоура ҭарҵоит.
Аҟазацәа рус арманшәаларазы ишьақәдыргылеит афрынақәа жәаба рҟынӡа, урҭ рахьтә ҩба уаанӡа ҳабацәа ишыҟарҵалоз еиԥш ахәы зқәу ацәала аҳауа ҭадыршәшәоит. Егьырҭ рҿы амца агаз ала ма афымцала аҳауа  ҭадыршәшәоит.
Афестиваль аҟны зегь реиҳа азҿлымҳара зырҭаз аԥсуа ҳәызба акәхеит. Аҟазауаа шьоукы ргәы иҭоуп арҭ хымш рыҩнуҵҟа ҩба-ҩба, иара инеиҳангьы абџьарҿқәеи, иара убас итрадициатәу аԥсуа хҿақәеи рыҟаҵара.
1 / 18
Цәыббра 24 рзы Мгәыӡырхәа ақыҭан аетнопарк "Аԥсны" аҿы иаадыртит ажьицәа-абџьарҟаҵаҩцәа рфестиваль "Аихамца".
2 / 18
Уи иалахәуп Аԥсни Урыстәылеи рҟазацәа.
3 / 18
Афестиваль мҩаԥыслоит цәыббра 24-26 рзы.
4 / 18
Хымш рыҩнуҵҟа ажьицәа аиха рҭәаны еиуеиԥшым абџьархкқәа алырхроуп.
5 / 18
Зегь реиҳа иқәыԥшу афестиваль алахәыла Шамиль Апба даацытәиуп. Иара 14 шықәса ихыҵуеит.
6 / 18
Абџьархкқәа реиҳарак злырхуа Аԥсны ашьхараҿы иҵхны иааргаз аиха маден ауп.
7 / 18
Аҟазацәа иара убас дамасктәи аџыр арҭәашьа шырдыруа аадырԥшуеит.
8 / 18
Баҭал Џьапуа ҳабацәа ишыҟарҵалоз еиԥш ахәы зқәу ацәала ихҟьаны иҟаиҵаз аԥсуа ҭрадициатә ҭрына.
9 / 18
Ажьицәа русураҿы ажьаҳәеи арыҭәеи рыдагьы рхы иадырхәоит арҭәагатә аппарати аихаԥҟагеи.
10 / 18
Афестиваль "Аихамца" цәыббра 26 рҟынӡа имҩаԥыслоит.
11 / 18
Аҟазацәа аус шыруа иахәаԥшразы иааит аҭыԥантәи ауааԥсыра.
12 / 18
Хәаԥ ақыҭан инхо 76 шықәса зхыҵуа афизик-аматематик Ролан Занҭариагьы ажьира аус бзиа ибоит.
13 / 18
Аҭааҩцәагьы алшара рыман ажьираҿы рхы ԥыршәар.
14 / 18
Ҷыдала афестиваль азы Бырзышьха иҵхны ҩынтә ихаланы илбааргеит 300 килограмм иҟоу аихамаден.
15 / 18
Ажьаҳәала иасны аихаҽыҭқәа дырҟьаԥсуеит, анаҩс урҭ еиуеиԥшым абџьархкқәа рылырхуеит.
16 / 18
Ари аҩыза ажьицәа-абџьарҟаҵаҩцәа рфестиваль Аԥсны раԥхьаӡа акәны имҩаԥысуеит.
17 / 18
Абри аҩыза арыҭәала аџыр цаҳәцаҳә амца иҽҳәыргоит.
18 / 18
Афестиваль алахәцәа аӡәырҩы аԥсуа ҳәызбақәа ҟарҵарц рыӡбеит.