Путин Аҳәынҭқарратә Дума ҿыц аҿаԥхьа ӡбатәыс иқәгылоу азҵаарақәа рыӡбахә иҳәеит

Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин аилацәажәара мҩаԥигеит Аҳәынҭқарратә Думахь иалырхыз аполитикатә партиқәа рнапхгаҩцәа алархәны, аусураҟны ақәҿиарақәа рзеиӷьеишьеит, абжьгарақәа риҭеит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 25 - Sputnik. Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин Аҳәынҭқарратә Дума ааԥхьара ҿыц адепутатцәа рҿаԥхьа нагӡатәыс иҟоу адҵақәа рыӡбахә иҳәеит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Урҭ рыбжьара:
Аҳәынҭдумахь инеиз апартиақәа рхаҭарнакцәа рԥылараан атәыла ахада ааԥхьара риҭеит алхрақәа рыламҭалаз алхыҩцәа иҟаҳҵоит ҳәа агәра иддыргоз нарыгӡаларц.
Алхрақәа рылҵшәақәа рыла Аҳәынҭқарратә Думаҿ амандатқәа еихшоуп
Цәыббра 17-19 рзы имҩаԥысыз алхрақәа рылҵшәақәа рыла, ҵаҟатәи апалата иақәшәеит хә-партиак: "Иаку Урыстәыла", КПРФ, "Ииашоу Урыстәыла - Аиаша иадгылоу", ЛДПР, "Ауаа ҿыцқәа".
"1999 шықәсазы имҩаԥысыз алхрақәа рышьҭахь раԥхьаӡа акәны Адумаҿы ԥшь-фракциак иреиҳаны иҟалоит, ари иаанаго алхрақәа демократиала имҩаԥысит, ҳтәылаҿы адемократиа ҿиоит, уи иаанагоит еиуеиԥшым аполитикатә мчқәа рхы аадырԥшыр рылшоит ҳәа", - азгәеиҭеит Путин.
Иара инаҵшьны иҳәеит алхрақәа иаартны, азакәан инақәыршәаны имҩаԥысит ҳәа.