"2015 шықәсазы аҷкәынцәа ҳаидгыланы ҳамчала хәыҷы-хәыҷ хаҿуп. Сынтәа раԥхьатәи ԥышәак аҳасабала аус аҳаруит. Аԥсыӡқәа хы-хкыкны рааӡара ҳаҿуп: акалмаҳа, ақьоуқьад (осетр), ахьыԥшшәы змоу аԥҟыш (карп). Акалмаҳааӡара хәыҷык иуадаҩуп, ахатәы кәамаҵамақәа амоуп. Ақьоуқьади аԥҟыши Урыстәылантәи макьана иааҳамгацт. Ԥышәарак аҳасабала аԥҟыш аԥсыӡԥшқақәа Гәдоуҭа (Оҭҳара) аԥсыӡнхамҩаҟынтәи иааҳгеит, аӡҭарчы иҭаҳҵеит, уи уиаҟара аџьабаа унарбом, ахала ахы ааӡоит", - иҳәеит Леԥсаиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара аудиофаил аҟны.