Сынтәа аԥхынра ақәа, аԥша, акырцх, иара убас Краснодар нанҳәа аҽеиҩшамҭаз иҟаз аӡхыҵрақәа акыр ԥырхага рнаҭеит аӡахәаҭрақәа, абри атәы иҳәеит Аҩӡба аиҿцәажәараҟны.
"Краснодар мацара акәӡам, ҳаргьы аԥырхага ҳауит, Европа зегьы амшцәгьа ахысит. 20-25 процент рҟынӡа аԥхасҭа ҳауит, иаҳҭаауа иаҳа имаҷхоит ҵыԥх аасҭа. Ажь ахаҭабзиарагьы хәыҷык еицәахоит. Егьыс ҳагрономцәа ажь рхәышәтәуеит, иҳалшо зегьы ала аԥхасҭа еиҵахарц ҳаҿуп. Амш лассы-ласс аҽанеиҭанакуа, ахәшәтәрақәа зегьы башахоит, аха ҳагрономцәа русура акәымзар аԥхасҭа ӷәӷәахон", - иҳәеит Аҩӡба.
Аҩӡба иажәақәа рыла ҵыԥх "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" аилахәыра 900 гектар рҟынӡа адгьылқәа қьырала ишагаз Кындыӷ, Ӷәада ақыҭақәа рҟны, 300 гектар рҟынӡа аӡахәа еиҭарҳарц ауп ари ашықәс азы.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара аудиофаил аҟны.