Арадио

Еныкь иқәдыргыло аспектакль ҿыц азы: ахьӡ ахаҭа уарчыхәчыхәыртә иҟоуп

Аҿар ртеатр аиҳабы Аслан Еныкь арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит апремиера аус шадыруло, акарантин аамҭазы русушьа шеиҿкаау атәы.
Sputnik
"Ачымазараҿкы иахҟьаны ҳтеатрқәа русура аанкылоуп уажәтәи аҭагылазаашьаҟны. Ахыхьчаратә ԥҟарақәа инарықәыршәаны аусура ҳаҿуп. Аспектакль ҿыц иқәҳаргыло Бранислав Нушич ипиеса иалху "Лхацкы аминистр иԥҳәыс" ауп. Уи ықәзыргыло ҳрежиссиор Есма Џьниаԥҳа лоуп. Лара уи аԥхьагьы иқәлыргылахьан аспектакль "Амра анҭашәалак" Лоуренс иҩымҭала. Иқәҳаргыло аспектакль ахьӡ ахаҭа даараӡа уаарчыхәчыхәыртә иҟоуп, избанзар аминистрцәа рыԥсҭазаара, рҭаацәара аҩнуҵаҟа аизыҟазаашьақәа ирызкуп", - иҳәеит Еныкь.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара аудиофаил аҟны.