АҞӘА, цәыббра 26-Sputnik. Шәачатәи ахәаахәҭратә ҩны "Моремолл" аҟны ахаҵа ахысра далагеит, ахҭыс ҟалеит цәыббра 25 ахәылбыҽха, аинформациа цәырҵит асоциалтә ҳақәа рҟны.
Ахысра аҭыԥ шамаз шьақәдырӷәӷәеит Краснодартәи атәылаҿацә иатәу ААР аусзуҩцәа.
"Цәыббра 25 Шәачатәи ахәаахәҭратә ҩны "Моремолл" аҟны ҩыџьа ахацәа ажәақәа еимаркит. Аимак аамҭазы 22 шықәса зхыҵуа аҭыԥантәи аҷкәын ахысра далагеит. Ацәгьоуцәа аанкылоуп. Аӡәгьы ааха имоуӡеит", - рҳәеит аусбарҭаҿы.
Ахҭыс збаз ражәақәа рыла, ахаҵа ахысра далагеит "Моремолл" актәи аихагылаҿы.