Арадио

Афырхацәа рымҩала: Саџьаҭиԥа, Минаиаԥҳа, Инаԥшьԥҳа Аҟәа ахақәиҭтәра иазкны

Цәыббра 27 Аҟәа ахақәиҭтәра иамшуп. Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа Борис Саџьаҭиԥа, Нанули Минаиаԥҳа, Емма Инаԥшьԥҳа иргәаладыршәеит аибашьра иадҳәалоу ахтысқәа, Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылара.
Sputnik
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан еиҿкааз ажәыларақәа ирхадаз иалҵшәахеит 1993 шықәса,цәыббра 27 рзы Аҟәа ахақәиҭтәра. Уи аҽны аԥсуаа рыр Аҟәа агәы иалалеит ,Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ Аминистрцәа реилазаара ахыбра иахашәыршәырит, аҳҭнықалақь ахы иақәиҭтәхеит.
Аибашьра зхызгаз амедеҳәшьцәа Аҟәа аҳақәиҭтәра иалахәыз Агәымшәараз амедал занашьоу Нанули Саманџьиаԥҳаи , Леон иорден занашьоу Емма Инаԥшьԥҳаи Аџьџнџьтәылатә еибашьра аветеран , Агәымшәараз амедал занашьоу Борис Саџьаҭиԥеи ргәалашәарақәа ртәы еиҭарҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны.