Арадио

Ақыҭа - нхарҭа ҭыԥуп: Аџьба Аҷандара инхо рыхныҟәгашьа иазкны

Ақыҭаҟны ахәышҭааарақәа реиқәырхареи аԥсҭазаара арҿиаразы иҟаҵатәуи, ахныҟәгаразы лшарас иҟоуи, анхаҩы иԥынгылоу ауадаҩрақәеи уҳәа ирызкуп арадио Sputnik адырраҭара "Ақыҭа- нхарҭа ҭыԥуп". Уи далахәын Аҷандара инхо, ԥасатәи ақыҭа ахада Мурадин Аџьба.
Sputnik
Аџьба иазгәеиҭеит анхаҩы иқыҭа игәы ахымшәарц азы иааирыхуа аалыҵ, ииааӡо арахә рҟынтәи хашәалак иоурц азы, ихаҭа аџьармыкьаҟны ииҭиртә алшара имазароуп ҳәа. Игәаанагарала қыҭацыԥхьаӡа мызкахьы знык иагымхаргьы семинарк аҳасабала ақыҭанхамҩа аминистрра аиԥыларақәа рзеиҿыркаазҭгьы бзиан анхацәа нагақәа алархәны.
Урҭ аиԥыларақәа ақыҭанхамҩа ашьҭыхра, амырӡра иазктәуп.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.