Аҳақьым COVID-19 аан еиҳа иуԥыло аҟазшьақәа дрылацәажәеит

Аепидемиа аҩбатәи ацәқәырԥаҿы еиҳа ачымазара иадырбало иалагеит аца-кьатеитә ҟазшьақәа ҳәа азгәанаҭоит Роспотребнадзор аҭҵаара адыррақәа.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 28 - Sputnik. COVID-19 аан аца-кьатеитә ганахь ала аҟазшьа ҷыдақәа цәырҵуа иалагеит, ҳәа РИА Новости иазеиҭалҳәеит Роспотребнадзор аепидемиологиатә Институт аклиникатә ҭҵаарақәа рыҟәша аиҳабы Хадижат Омарова.
Апандемиа аҽа шықәсык иҟазаауеит ҳәа иԥхьаӡоит аинфекционист
Лара лажәақәа рыла 35 ҭҵаара ранализ иаанарԥшит акоронавирус змоу рыбжьара 15% аца-кьатеитә хьаа шрызцәырҵуа, аҿыхра, адатра, афатә адкылара аҭахымхара ацны.
Аексперт иазгәалҭеит аепидемиа аҩбатәи ацәқәырԥаҿы еиҳа ачымазара иадырбало иалагеит аца-кьатеитә ҟазшьақәа ҳәа.
COVID-19 аан афатәырсара ааха ахьаиуа зыхҟьо амикроциркулиациа ахьышьақәҟьо ауп лҳәоит Омарова.
Иахьатәи агәаанагарақәа рыла аԥсыԥлагаҩагаратә цәеижьхәҭақәа инарываргыланы афатәырсаратә ацәеижьхәҭақәа ачымазара "иаарту агәашә" ҳәа иршьо иалагеит, избанзар ахшәааратә процессқәа раан афатә иацны ацәеижь абактериақәеи авирусқәеи ралалара еиҳа имариахоит, рҿагыларагьы лаҟәуеит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: