Апандемиа аҽа шықәсык иҟазаауеит ҳәа иԥхьаӡоит аинфекционист

Акоронавирустә пандемиа аҟазаара аамҭа адҳәалоуп апатоген ауаҩы заҟа ишьцылаз, заҟагьы аҽеиҭанакуа иалагаз.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 28 - Sputnik. Апандемиа ианеиҵаха аҽа шықәсык иҟазаауеит ҳәа ишьоит,  РИА Новости аинтервиу азҭаз аҳақьым-инфекционист Евгени Тимаков.
Уаанӡатәи аԥсҭазаара ҳазыхынҳәит ҳәа ҳҳәар алшоит ааԥынтәи ачымазара-рбагақәа рышьҭахь, авирус еиҭах аҽеиҭанакоу аҽеиҭанамкоу анеилкаахалак, ҳәа иҳәеит иара.
Уаанӡа алаҵа Pfizer аҭыжьҩы-еилахәыра ахада Альберт Бурла аҳәамҭа ҟаиҵахьан уаанӡатәи аԥсҭазаара азыхынҳәра алшоит ашықәс аҩнуҵҟа, есышықәсатәи алаҵаҟаҵара азыԥхьагәаҭаны ҳәа.
"Шықәсык еиҵахом", - иҳәеит пандемиа абанӡаҟоу ҳәа ирҭаз азҵаара аҭакс.
Акоронавирус апандемиа рылаҳәан 2020 шықәса хәажәкыра 11 азы. Иахьазы адунеи аҿы 230 миллионҩык ачымазара рыхьхьеит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: