"…Ас лассы иҟалоит ҳәа ҳақәгәыӷуамызт (афронтқәа реиқәшәаразы-азгәаҭа), избанзар Аҟәа даара рҽырӷәӷәаны иҟан. Аҟәа акәым Очамчыра ҳазнеиуамызт, убасҟак рҽырӷәӷәаны иҟан (ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа- азгәаҭа). Апартизантә еибашьра ада ԥсыхәа ҳамамызт, ишаулакгьы, иара жәытәла ҭоурыхлагьы Аԥсны аӡәгьы иаҳҭомызт, аӡә ида ҳаанымхаргьы ҳара ишаҳтәыз иаанхар акәын ҳаԥсадгьыл", - иҳәеит Берзениа.
Аицәажәара иаҳа инарҭабааны аудиофаил аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: