"Аԥсны аихамҩа иаҵанакуа аргыларақәа рацәоуп, адәыӷбақәа ахьаанҿасуа, анхаратә ҩнқәа роума. Аҟәа авокзал аиҭашьақәыргылара зҽазызкыз ауаҩы дыҟан, аха изыхҟьаз сыздыруам аусура аанкылан. Уи аиҭашьақәыргыларазы иҟаҵатәу рацәоуп. 7-8 шықәса раԥхьа Москва авокзалқәа рдепартамент аҟынтә аспециалистцәа ҳаман, иагьырԥхьаӡеит усҟан миллиардки 200 миллион мааҭ авокзал аиҭашьақәырыларазы иаҭаххоит ҳәа, ишахәҭоу аҟаҵаразы. Еилкаауп ари аԥара аихамҩа ахахьы иагартә ишыҟам", - иҳәеит Ҟәыруа.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны аудиофаил аҟны.