АҞӘА, цәыббра 29 - Sputnik. Архивтә документқәа, 1942 шықәсазы Ставропольтәи атәылаҿацә акурорт "Теберда" аҿы аурым хәыҷ чымазцәа анацистцәа иҭадырхеит ҳәа зҳәо рымаӡара рхыхуп Урыстәыла АШәМ апроект "Без срока давности" аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Аматериалқәа аурым милаҭ иатәу ахәыҷқәа рҭархара иалахәыз акурорт "Теберда" аҳақьым хада иганахь ала ашьаусҭҵаара иаҵанакуеит.
Адокументқәа инарықәыршәаны 1942 шықәса ԥхынҷкәынмзазы афашистцәа рнапахьы иааргаз акурорт "Теберда" иҟан аурым хәыҷ чымазцәа 47-ҩык. Анацистцәа рнапынҵала аҳақьым хада ахәыҷқәа рсиа аҟаҵара далахәын. Ахәыҷқәа ҩнык ахь шәаагоит ҳәа рарҳәеит, нас ихҩаз амашьына иақәдыртәеит. Уаҟа агаз рылаҵаны ирхәыҽит.
"Ахәыҷқәа реиҳараҩык рыбаҩ атуберкулиоз аман, рхала изныҟәомызт. Газла ирхәыҽыз ахәыҷқәа анаҩс Тебердатәи аиҩхаа иҭарыжьит", - ҳәа аҳәоит УАШәМ апресс-маҵзура адырраҭара.
Ашаҳаҭцәа рдыррала фҩык ахәыҷқәа реиқәырхара алшеит аханатә рмилаҭра ашәҟәы иахьарбамыз азы.