Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Дочиа Бедиатәи амҩа аҭагылазаашьа иазкны

Тҟәарчал араион ахада Исидор Дочиа арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит Бедиа амҩа аиҭашьақәыргыларазы имҩаԥгаз аусурақәа ртәы, урҭ ахьынӡанагоу.
Sputnik
Ажьырныҳәа 15 рзы Тҟәарчал араион аҿы иҳәазаз амҩа еиднакылеит Тҟәарчал ақалақьи ақыҭақәа Бедиа ду, Агәы-Бедиа, Бедиа. 100 метрак инеиҳаны автомобилтә мҩа-хәҭа ҭабгеит.
"Амҩа ҟарҵеит, 15 миллион инареиҳаны аҳәынҭқарра аԥара азоунажьит, ацҳа дыргылеит, амҩа ииаргеит. Ацҳа ақыҭауаа зегьы ргәы иаахәеит. Амҩа адкыларазы даараны дыҟоуп аҳәынҭқарра ахада. Ахәшәтәырҭа акәзар амаҭәахә ааргараны иҟоуп, ҳазыԥшуп… Сынтәа аԥхын амшцәгьақәа ирыхҟьаны амҩа ҿыц иҟаҵаз иаӡәӡәеит…Аиааира амш ашьҭахь аӡы ԥырхага ахьыҟанаҵаз, ирыцқьаны, аӡыршәрақәа ҿыц иҵаҵаны, аӡы аҭыԥахь ицо иҟаҵатәуп", - иҳәеит Дочиа.
Иаҳа инеиҵыхны аицәажәара аудиофаил аҟны.