Иахьа цәыббра 30 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа. 28 шықәса раԥхьа ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа Аԥсны иалцаны, Егры аӡиас ала аҳәынҭқарратә ҳәааҟны аԥсуа бираҟ шьҭырхит, уи алагьы 413 мши ҵхи ицоз Аџьынџьтәылатә еибашьра хыркәшан.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.