Арадио

Ҳашба: ҳаззеибашьуаз, аԥсуа ҳәынҭқарра шьақәгыларцаз, ҳажәлар мыӡырц азы акәын

1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Ԥақәашьтәи актәи арота аибашьҩы Асҭамыр Ҳашба арадио Sputnik аефир аҟны игәалаиршәеит аибашьра иадҳәалоу ахҭысқәа, усҟан аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ззеибашьуаз, хықәкыс ирымаз.
Sputnik
Ԥақәашьтәи актәи арота аибашьҩы, Агәымшәаразы амедал занашьоу Асҭамыр Ҳашба аибашьра ианалагоз 17 шықәса ихыҵуан.
"Абриаҟара ашьаарҵәыра ҳалсны ҳажәлар иааргаз аиааира ҳцәымӡуа иҟалааит. Ҳара ҳнаҩсгьы изызҳауа аҿар пату ақәырҵо, ажәлар ирбаз аџьабаа ахықәкы нагӡахартә анцәа иҳалиршааит, ҳхәыҷқәа ирылиршааит. Ақырҭцәа ықәаҳцеит мацара акәӡам хықәкыс иҳамаз. Абриаҟара аџьабаа баны, иҳаиӷьу аҷкәынцәа анышә иаҭаны, изласылшоз сашьцәа аиҳабацәа сызрыдгылаз, абри ззыҟаҳҵоз аԥсуа ҳәынҭқарра шьақәгыландаз, ҳажәлар мыӡындаз, иҵегьы ҳаиӷьхандаз, ҳаиҵыҵындаз, Ҭырқәтәыла иҟоу роума, аҽаџьара, аԥсуаа зегьы ҳаизаны аҳәынҭқарра ргыланы, акахьы ҳазкылсындаз ҳәа акәын усҟан сшыхәыҷызгьы хықәкыс исымаз", - иҳәеит Ҳашба.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны аудиофаил аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Цәыббра 30 - Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш
Аибашьҩы Берзениа: аӡә ида ҳаанымхаргьы, ҳаԥсадгьыл ҳара ишаҳтәу инхар акәын