"Амшиира, ашықәсынҵыра угәы канажьыргьы ҟалоит, избанзар иҟоуҵараны иҟоу зегьы узыҟамҵаӡацт, ҳахьӡогьы здыруада шьҭа. Снапы злаку рацәоушәа иҟоуп, аха иҟоуп ихадоу. Археологиаҟны сҿаԥхьа иқәгылан, макьанагьы иқәгылоуп, агәкажьрагьы сымаӡам, аԥсуа жәытәҩыра зну хаҳәқәак ҳԥыхьашәозар ҳәа ауахәамақәа ахьҭаҳҵаауа. Адгьылҵысра, аԥсабара иарбгаз, ақырҭцәа рнапы ахьымнеиз издыруада џьара акы еиқәханы иҟазар. VIII-IX ашәышықәсазы аԥсуаа рхатәы бызшәала Анцәа иҳәон аныҳәарҭақәа рҟны, амаҵ руан ҳәа адыррақәа ыҟоуп. Убас еиԥш аԥсуа ҩырак анызаргьы ҟалоит ҳәа агәҩара сымоуп, сақәшәозар ҳәа ауп. Уи зегь раҵкыс ихадоуп ҳәа исшьоит сара сыԥсҭазаараҟны, анаукаҭҵаараҟны. Аҩбатәи: Асахьаҭыхратә галереиаҟны сыҟоуп. Аибашьра ашьҭахь Владислав Арӡынба ажәа сиҭеит агалереиа аҭыԥ ахьалху аргылара ҿыц ҟаҵаны ҳалгоит аҳәынҭқарраҟны ҳахьынӡыҟоу ҳәа. Аусура салагеит, аха ажәа намӡаӡакәа инхеит. Иара ихаан ахыб дырҿыцит, актәи аҩбатәи аихагылақәа ықәдырҭәеит, аха уаҳа иахьа уажәраанӡа кьылак аҵәымаӷ аӡәгьы иадимҵацт", - иҳәеит Сақаниа.
Иаҳа инарҭбаау аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.