"Спутник V" аклиникатә ҭҵаара ахԥатәи аетап хыркәшахеит

Ачымазараҿкы акоронавирус хызҽуа адунеи аҿы раԥхьатәи алаҵа "Спутник V" Урыстәыла ашәҟәы иҭаргалеит нанҳәа 11 2020 шықәсазы, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Владимир Путин. 
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 1- Sputnik. 60 шықәса ирҭысхьоу рзы урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" аклиникатә ҭҵаара ахԥатәи аетап хыркәшахеит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко иҟаиҵаз аҳәамҭа шьаҭас иганы.
"Алаҵа аҭцаара ашәарҭадареи алҵшәа бзиақәеи аанарԥшит, аҳасабырба архиара иаҿуп", - иҳәеит Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко.
Мурашко иазгәеиҭеит Гамалеи ихьӡ зху Ацентр аҿы алаҵа ахархәаразы иҿыцу арбагақәа армазеира ишаҿу.
Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистр иажәақәа рыла, алаҵа актәи акомпонент ҟарҵеит 49 миллион урыстәылауаа, аҩ-дозак- 40 миллион.
Алаҵа аклиникатә ҭҵаара хатәгәаԥхарала иалахәын 30 нызқьҩык ауааԥсыра, реиҳараҩык алаҵа роуит, егьырҭ - плацебо. Алаҵа алҵшәа 90% еиҳауп, ачымазара ӷәӷәаны изхызгои, аԥсыҭбарақәа рмаҷреи рзы ихәарҭоуп.
2020 шықәса ԥхынҷкәынмза анҵәамҭазы Урыстәыла 60 шықәса еиҳаны изхыҵуа рзы COVID-19 аҟынтә алаҵаҟаҵара иалагеит. Арҭ ауааԥсыра ркатегориа еиҳа аԥыжәара зҭатәу ирыҵанакуеит, уи азы раԥхьа иргыланы дара роуп алаҵа ззыҟаҵатәу.