АҞӘА, жьҭаара 1- Sputnik. Урыстәыла иаарԥшуп ԥхынгәы 19 рзтәи арбагақәа иреиҳау акоронавирустә хҭыс ҿыцқәа - 24 522, абри атәы аанацҳауеит COVID-19 аҿагыларазы аоперативтә штаб.
Аоперативтә штаб адыррақәа рыла, ԥхынгәы 19 рзы Урыстәыла ашәҟәы иҭагалан 24 644 акоронавирустә хҭысқәа.
"Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рзы 24 522 акоронавирус хҭыс ҿыц азгәаҭоуп урыстәылатәи арегионқәа 85 рҿы, иаарԥшыз ачымазцәа рахьтә 2 215 (9,0%) ачымазара шрылоу рызгәамҭакәа имҩасуан", - ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.
Урыстәыла ачымазараҿкы аҽышьҭхра иалагеит, ас еиԥш аҭагылазаашьа ыҟазаауеит ԥхынҷкәынмзанӡа, абри атәы РИА Новости аинтервиу азҭаз аҳақьым-инфекционист Евгени Тимаков.
Цәыббра 29 рзы иҟоу адыррақәа рыла Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 27775-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахеит 22680-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 417-ҩык.