Қырҭтәыла уаанӡатәи ахада Саакашвили даанкылоуп

Қырҭтәыла уаанӡатәи ахада Саакашвили даанкылоуп, иара ахьырхәратә усбарҭахь днагоуп.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 1-Sputnik. Қырҭтәыла уаанӡатәи ахада Михаил Саакашвили даанкылоуп ҳәа аҩуеит РИА Новости аԥыза -министр Иракли Гарибашвили иажәақәа шьаҭас иганы.
"Қырҭтәыла ахԥатәи ахада Михаил Саакашвили даанкылоуп, ахьырхәратә усбарҭахь днагоуп", - иҳәеит аԥыза-министр.
Қырҭтәыла аԥыза-министр "амчратә усбарҭақәа уаанӡатәи ахада иаанкыларазы аоперациа ахә ҳаракны ишьатәуп" иҳәеит.
"Ҳамчратә усбарҭақәа русзуҩцәа рылаԥш ихын Украина инаркны Қырҭтәылаҟа даанӡа", - иҳәеит Гарибашвили.
Саакашвили дахьаанкылаз аҭыԥ ҳәа акгьы имҳәеит.