"Арҵаҩцәа ашколқәа рҟны иазхом анаҳҳәо, иазгәаҳҭароуп иарбан школқәоу иахьазымхо, насгьы амаҭәарқәа арбану. Азҵаара ахьыҟоу, ҳәарада, ақыҭа ашколқәа рҟны ауп. Избан? Ауаҩы аусура днеиуеит ихы зланыҟәигаша ахьиоуа. Идыруп ақалақь школқәа рҟны аклассқәа рацәоуп, уаҟа абиологиа амаҭәар зҭиуа штатк инеиҳангьы игартә аҭагылазаашьа имоуп. Убас ауп аматематика, ахимиа, егьырҭ амаҭәарқәа рырҵаҩгьы. Ақыҭа школқәа рҟны аиҳабыратә классқәа ҩба-хԥа ыҟоуп… ас еиԥш аҭагылазаашьа иусура иаԥырхагоуп, иуалафахәгьы ианыԥшуеит", - иҳәеит Касланӡиа.
Апрофессор арбагақәа ааигеит афизико-математикатә факультет аҭаларазы аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы шаҟаҩы неиз, урҭ рхыԥхьаӡара зынӡа имаҷуп. Иара иазгәеиҭеит ақыҭа ашкол арҵаҩы иаҳа азҿлымҳара шиҭатәу, иуалафахәы еиҳазароуп ақалақь аҟны аус зуа иҩыза иаасҭа ҳәа.
Аицәажәара инарҭабааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Аицәажәара инарҭабааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.