Арадио

Џьапуа Кабардинка имҩаԥысыз аҭҵаарадырратә форум азы: азеиԥш лкаа, аԥышәеимдара иадҳәалоуп

Краснодартәи атәылаҿацә Кабардинка аҳаблаҿы имҩаԥысит аҭҵаарадырратә форум "Нхыҵ Кавказ акультуратә ҭынха амилаҭбжьаратә еиқәшаҳаҭра ахыҵхырҭа аҳасабала". Уи алҵшәақәа арадио Sputnik аефир аҟны дрылацәажәеит афорум иалахәыз Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Аркади Џьапуа.
Sputnik
Сынтәа бжьынтәуп имҩаԥысуеижьҭеи "Нхыҵ Кавказ акультуратә ҭынха амилаҭбжьаратә еиқәшаҳаҭра ахыҵхырҭа аҳасабала" захьӡу Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә форум.
"Афорум хықәкы хадас иамоу аиҿцәажәарала Лада Урыстәыла иҟоу еиуеиԥшым амилаҭқәа рҟынтәи аҭҵааҩцәа еизганы, ирцәажәаны, зеиԥш лкаак, ӡбарак аҟаҵара ауп, аӡәи-аӡәи еицхырааны рԥышәа еимырдоит", - иҳәеит Џьапуа.
Аицәажәара инарҭбааны аудиофаил аҟны.