"Сынтәа аԥхын аԥсшьаҩцәа рацәан. Уи ақыҭагьы арлахҿыхит. Ауаа имҩасуа аныҟоу, акы аархәоит, акы ргоит, рыԥсы ршьоит. Ақыҭаҟны инхо рацәам, аха иҟоу рыла иубартә иҟоуп раарыхра рҭииртә алшара шрымаз. Гәыма 37 ҭӡы ҭаҩҩуп, фактла инхо маҷзаргьы, аԥхын инеиуеит. Ақыҭаҟны ашьхақәа рааӡоит, арахә ныҟәsргоит", - иҳәеит Ҭарба.
Инарҭбаау аицәажәара аудиофаил аҟны.