Шәача амшцәгьа ҟалоит ҳәа рылаҳәоуп

Мчыбжьык аԥхьа Шәача иахьаҵанакуа ақәаршыҩқәа леит, афедералтә мҩаду Џьубга-Шәача аамҭала иаркхеит.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 4 – Sputnik. Шәача амшцәгьы рылаҳәоуп, амшын иахьаҵанакуа, Магри-Весиолое араион аҿы аԥшатлакә ҟалар алшоит ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә АҶА аусбарҭа.
"Росгидромет адыррақәа рыла жьҭаара 4 азы, иара убасгьы жьҭаара 5, 6 рзы Магри-Веселое иахьаҵанакуа амшын аҿы аԥшеиларҳәа цәырҵыр алшоит", - ҳәа аҳәоит арелиз аҿы.
Уаанӡатәи адыррақәа рыла жьҭаара 4 азы акурорт аҿы адыд-амацәыс ҟалоит, ақәа леиуеит. Ақалақь ахадара ауааԥсыреи асасцәеи рахь аҳәара ҟарҵоит рныҟәарақәа ааныркыларц. Иазгәарҭеит акоммуналтә усбарҭақәа зегьы азырхианы ишыҟоу.