Аҳақьым COVID-19 ауп ҳәа ззуҳәаша аҟазшьақәа еиқәиԥхьаӡеит

Акоронавирус аштамм ҿыцқәа рҟазшьақәеи ОРВИ аҟазшьақәеи уцәеилагар шауагьы иҟоуп иара аҷыдарақәа.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 5 - Sputnik. Аԥсыԥлагаҩагара аццакра арыԥҳақәа рыпроблема аанарԥшуеит ҳәа иҳәеит радио Sputnik аинтервиу азҭаз аҳақьым, аиммунолог-аллерголог Владимир Болибок.
Ауаҩы дҭынчны даныҟоу, аха иԥсыԥлагаҩагара минуҭк аҩныҵҟа 20 еиҳазар, амедицинатә цхыраара даҳәароуп иҳәеит аҳақьым.
"Ихадароу ауаҩы иԥсы еивҵахо иалагар ахахәаԥшроуп. Ари реиҳа ишәарҭоу рбагоуп. Ауаҩы аидара даҵамзар, игәы аказы иԥымжәазар иԥсыԥлагаҩагара 20 еиҳамзароуп. Ашьшьыҳәа итәоу ауаҩы иԥсы еивҵахозар ирыԥҳақәа шәарҭоуп" ҳәа иҳәеит Владимир Болибок радио Sputnik аҿы.
Убри аан иара иазгәеиеҭит агьама ацәыӡра ауаа уаанӡа аҳақьым иахь амҩа ишықәнаҵоз, аха аштамм ҿыцқәа анцәырҵ ашьҭахь уи аҭагылазаашьа еиҳа имаҷхо иалагеит. Аимҳәа, ашоура ҳарак ракәзар ОРВИ аангьы иҟоуп ҳәа иҳәеит аҳақьым.
Ачымазара аҽеиҭакра авирус аеволиуциоуп изыдҳәало. Уи ачымазара ашьақәыргылара аруадаҩуеит. Аха ианаамҭо аҳақьым иахь анеира ауадаҩрақәа акыр аԥнахыр алшоит.