Аполитолог ЕАА рыр Афганисҭан алгаразы: зыбӷа иқәло Европа ауп

Франциатәи асоциологиатә еилахәыра IFop азҵаараҭҵаара мҩаԥнагеит жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik азы европаа рыбжьара, Афганисҭан америкатәи ар ралгара иалҵшәахо азы.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 5 – Sputnik. ЕАА ар Афганисҭан ианалырга ашьҭахь ахҵәацәа Европаҟа идәықәлеит ҳәа иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз ИАР атәылақәа ринститут Кавказ аҟәша аиҳабы Владимир Новиков.
"Европа арҭ ахҵәацәа зегьы аднакылар апроблемақәа рацәаӡахоит, рныҟәгара инаркны асоциакәльтура азҵаараҟынӡа. Ара дара шықәсык, ҩышықәса ма жәашықәса иаанхар иҟаҵатәузеи? Ринтеграциа шԥамҩаԥгатәхо? Иагьалшома иара? Европаа ибзианы еилыркаауеит Америка рыр Афганисҭан иалганы изакә "ҳамҭоу" ирзыҟарҵаз", - ҳәа иҳәоит аексперт.
Азҵаараҭҵаара аихшьаалақәа рыла анемеццәа рыбжаҩык (49%), афранцузцәа (34%), италиаа (36%), 40% британиаа, 41% испаниаа иазырыԥхьаӡоит Афганисҭан 2001 шықәсазы ар ралгара гхан ҳәа. Уи иақәшаҳаҭым 40% франциаа, 37% анемццәа, 34% британиаа, 46% италиаа, 39% испаниаа.
Аталибцәа аҵыхәтәантәи афгантәи акрал иаамҭазтәи Аконституциа рхы иадырхәалоит
"Ҳара, асоеттә ҵакыра иаҵанакуаз атәылақәа ҳзы еиҳа еиӷьхон Европатәи Аидгыла агәашәқәа анаркыр, ҳара транзиттә ҵакыраны мацара ҳаанхарц азы", - ҳәа иҳәеит Новиков.
Аполитолог иара убасгьы иҳәеит ЕАА ар аналыргеи аталибцәа раареи ашьҭахь хыԥхьаӡара рацәала ахҵәацәа Европа ишажәлаз. Амала ииашаны иҟаз урҭ Америка иаднакылар акәын.
"Дара роуп 20 шықәса раԥхьа хыдала зегь еилазырҩынтыз. Дара роуп уи аҭак ҟазҵашагьы. Аха уи дара ирҭахӡам. Америкаа апроблема аԥырҵеит, аха уи дара ирԥырхагам азы уссгьы ирымаӡам" ҳәа азгәеиҭеит Владимир Новиков.
Иара убри аан афганисҭан ар ралгара Америка аҵахара акәӡам иаанаго ҳәа иҳәеит иара.
"Сара иазысыԥхьаӡоит ари Америка ахадара ихәыцны имҩаԥыргаз политикоуп ҳәа. Аекономистцәа ишырҳәо ала Америка 20 шықәса раԥхьа еиладыртатаз аус иахьа егьырҭ ауааи егьырҭ атәылақәеи реилыргара рықәдыршәеит" ҳәа иҳәоит аполитолог.
Последствия вывода войск из Афганистана (на абх)
Афранцызцәа (35%), 41% анемццәа, 43% британиаа, италиаа (53%), испаниаа (47%) ирҳәеит Афганисҭан ар ралгара ЕАА ахьӡ ланарҟәит ҳәа.
Изазҵааз реиҳараҩык иазырыԥхьаӡоит Афганисҭан ар ралгара адунеитә шәарҭадара еиҵанатәит ҳәа. Абас ихәыцуеит афранцузцәа (50%), 63% анемццәа, британиаа (53%), испаниаа (54%), 60% италиаа.
Атәылақәа зегь рҟынтәи ЕАА Афганисҭанынтәи ахҵәацәа аднакылароуп ҳәа изыԥхьаӡо ареспондентцәа еиҳа еиҳауп, европатәи атәылақәа ирыдыркылароуп ҳәа зҳәо раасҭа: 63% – 46% Франциа, 73% – 58% Германиа, 75% – 67% Великобританиа, 82% – 73% Италиа, 85% –80% Испаниа.