Урыстәыла ахәылԥҵысқәа акоронавирус рылоу ирыламу гәарҭеит

ВОЗ ажәахәынҵа инақәыршәаны SARS-CoV-2 ауаҩы иҟынӡа иааит ахәлыԥҵысқәа рҟынтәи аҽа ԥстәык ахархәарала.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 5 - Sputnik. Акоронавирус SARS-CoV-2 ахәылԥҵысқәа ирыдбалам Урыстәыла аҵакыраҿы, аха иаарԥшуп авирус егьырҭ авариантқәа ҳәа РИА Новости иазеиҭалҳәеит Роспотребнадзор аепидемиологиатә Центр аеномикеи агеномшьҭахьтәи технологиақәа ргәыԥ анапхгаҩы Анна Сперанскаиа.
"SARS-СoV-2 Урыстәыла ахәылԥҵысқәа ирыдбалам. Ҩышә рҟынӡа хәлыԥҵыс ҭҵаан РТ-ПЦР аметод ала. SARS-СoV-2 еиԥшыз авирус ҳаԥшаауан, аха акгьы ыҟамызт", - ҳәа лҳәеит Сперанскаиа.
Лара илҳәеит  SARS-СoV-2 адагьы аԥсабараҿ ишыҟоу егьырҭ акоронавирусқәа.
ВОЗ акоронавирус ауаҩытәыҩса иахь ишиасуа атәы азгәанаҭеит
Урҭ рҩызцәа авирусқәа  арегионқәа зегьы рҿы ахәлыԥҵысқәа ирыдбалоуп. Урҭ маҷны иҭҵаауп лҳәеит Сперанскаиа.
Аиҿкаара иагәҭакуп ирҿыцны COVID-19 апандемиа алазырҵәаз авирус ахьаанагаз аҭҵаара иалагараны иҟоуп.
ВОЗ уаанӡатәи ажәахәынҵа инақәыршәаны  SARS-CoV-2 ауаҩы иҟынӡа иааит ахәлыԥҵысқәа рҟынтәи аҽа ԥстәык ахархәарала.