Арадио

Ҵәыџьба еиҭеиҳәеит аибашьцәа - арепатриантцәа рынхаразы аиҳабыра рыӡбамҭа иаҵанакуа

Ҳџьынџьуаа аԥсадгьыл ахь рырхынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы нхарҭала аиқәыршәара аҟәша аиҳабы Денис Ҵәыџьба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аныҳәа аламҭалазы аибашьцәа –арепатриантцәа рынхаразы аиҳабыра ирыдыркылаз аӡбамҭа иаҵанакуа.
Sputnik
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз ҳџьынџьуаа 30-ҩык ахатә мазарахь ирыҭоуп рынхарҭақәа. Ас еиԥш ақәҵара рыдыркылеит Аминистрцәа реилазаараҟны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа аламҭалазы.
 
"Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы, иҟоуп 10-15-20 шықәса раԥхьа ироухьаз ауадақәа, урҭ аҳәынҭқарра иатәын, уажәы дара хәыда-ԥсада рхатә мазарахь аигара ауп иқәгылоу азҵаара… Арҭ 30-ҩык Ҭырқәтәылантәи, Шьамтәылантәи, Нхыҵ-Кавказынтәи иааны арепатриант истатус иақәшәо, ара инхо роуп. Егьырҭ ԥшьҩык (зызҵаара макьана иӡбам - азгә.) рҟынтә ҩыџьа ҟабарда ҷкәынцәоуп, иранашьоуп Леон иорден, аха аҳәынҭқарра уаҳа даҽа мчык амамызт аҟынтә, арепатриациа апрограммала ауадақәа зауз роуп. Егьырҭ даҽа ҩыџьа - хатәгәаԥхарала еибашьуаз иҭахаз иҭаацәа дреиуоуп аӡәы, аҩбатәи - аҭыԥантәи аҷкәын Аԥсны Афырхаҵа иҭаацәа рҟынтә. Урҭ рызҵааразгьы ирласны аӡбамҭа ҟалап ҳәа агәыӷра ҳамоуп", - иҳәеит Ҵәыџьба.
 
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: аветеран-арепатриант Бганба Аԥсны анхарҭа шиоуз