Амилаҭтә ԥарашәаратә система ахсаалага "МИР" Дубаи аус аулоит

Амилаҭтә ԥарашәаратә система ахсаалага АԤРА "World" (адунеи - аред.) асистема ахсаалага "МИР" аинтеграциа рызуп.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 6 - Sputnik. Еидҵоу Арабтәи Аемиратқәа рҟны Амилаҭтә ԥарашәаратә система ахсаалага "МИР" аусура иалагеит ҳәа аанацҳауеит асистема асаит.
Аилахәыра Network International Мрагылара Ааигәеи Африкеи рҿы аелектронтә коммерциаҿ иаԥхьагылоу, аклиентцәа ирнаҭоит атехникатә лшара ахсаалага "Мир" рыдыркылаларц.
"Урыстәыла ОАЕ ахәаахәҭратә сигментқәа рзы акраҵанакуа иҟоуп, аиҳаракгьы асасааирҭатә бизнес аҿи ахәаахәҭраҿи. Ҳара агәахәара ҳнаҭоит урыстәылатәи аахәаҩцәа ахсаалага "Мир" рхы иадырхәо иахьыҟало азы", – иҳәеит Ахмед Бин Тарраф, Network International ахада.
Рашәарамзазы иазгәарҭахьан ахсаалагақәа рыдкылара иалагоит Болгариеи Таиланди ҳәа.
Ахсаалага "Мир" амаҵзура Apple Pay иадырҳәалоит
Амилаҭтә ԥарашәаратә система ахсаалага АԤРА "World" (адунеи - аред.) асистема ахсаалага "МИР" аинтеграциа рызууп. Аԥарашәаратә Ахсаалага АԤРА "World" (адунеи - аред.) амаҵ руеит асистема "МИР" аԥарашәаратә инфраструктурақәа ахьыҟоу.
ОАЕ аҿы адагьы "Мир" рыдыркылоит 11 тәыла – Ҭырқәтәыла, Вьетнам, Ермантәыла, Белоруссиа, Узбекистан, Киргизиа, Таџьикистан, Ҟазахстан, Кипр, Аахыҵ Уаԥстәыла, Аԥсны рҿы. Аҽа ҩ-тәылак рҿы атесттә транзакциақәа мҩаԥгоуп – Алада Корееи Великобританиеи.