Аԥрыгаӷба "акиноекипаж" аманы МКС ахь инеит

"Акиноекипаж" Жәларбжьаратәи акосмостә станциахь инеиит акиносахьа "Вызов" аҭыхразы. Ари апрофессионалтә актерцәа акосмос аҿы иахьҭырхуа раԥхьатәи киносахьоуп.
Sputnik
АҞӘА, жьҭаара 6 - Sputnik. Актриса Иулиа Пересильд, арежиссер Клим Шипенко, акосмонавт Антон Шкаплеров МКС ахь инеиит ҳәа ааицҳауеит РИА Новости акорреспондент Баиконурынтә.
Акосмостә ӷба "Союз МС-19" амодуль "Рассвет инадгылеит".
Аидылараан аинырратә автоматикатә система "Курс" ҩ-комплектк русура еиԥҟьеит, убри азы анапылатә усурахь ииасын.
Уажәы аӷбеи астанциеи реидылашьа аҭагылазаашьа ҭырҵаауеит, аиасырҭатә ҩналарҭақәа аадыртит асааҭ 17:05 азы.
Пересильди Шипенкои акосмос аҿы 12 мшы иҟазаауеит. Ҟазахсҭантәи асакараҿы итәараны иҟоуп жьҭаара 17 азы.