Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Аҩӡба Аԥсны аибашьраан Гагра араион ахақәиҭтәра аҵакы иазкны

29 шықәса раԥхьа ахы иақәиҭтәын Гагра араион. Ԥсоу аҳәаа иахашәыршәырит Аԥсуа бираҟ. Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Аслан Аҩӡба арадио Sputnik аефир аҟны дазааҭгылеит уи ажәылара аҵакы.
Sputnik
Гагра араион ахақәиҭтәра аҭоурых аганахь ала хәшьарас иамоу, уи аԥхьа Гәдоуҭаҟа афатә-ажәтә, ауаажәлар, афронт иаҭахыз анагара шымҩаԥысуаз, аибашьра ахаҿра, Гагра ахақәиҭтәра Гәымсҭатәи ахырхарҭаҿы ҳаруаа ишрыдыркылаз, аҭагылазаашьа зеиԥшраз уҳәа дрылацәажәеит арадио Sputnik аефир аҟны аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Аслан Аҩӡба.
Аицәажәара инарҭбааны аудиофаил аҟны.