Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Сабекьиа заа иҟалои инаскьаганы иҭаргалои ацитрусшәыр иазкны

Аԥсны Ақыҭанхамҩа аҭҵаарадырратә институт аспециалист хада, ақыҭанхамҩатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Дмитри Сабекьиа арадио Sputnik аефир аҟны заа иҟало амандарина хкыи инаскьаган зҽаҩра ҭаргалои реиԥшымзаара атәы еиҭеиҳәеит.
Sputnik
Заатәи амандаринеи ихьшәаны иҟалои еиҿирԥшит Ақыҭанхамҩа аинститут ацитрусшәырааӡарҭа аҟәша аиҳабы Дмитри Сабекьиа. Аҵарауаҩ иҳәеит аинститут аҿы ацхыраара шрырҭо ашәыр аиҭаҳара згәы иҭо анхацәа. Абаҳча амҽхак ҭбаазар адгьыл анализ ҟамҵакәа, игәамҭакәа, ашәыр аиҭаҳара ииашам, аха имаҷны еиҭазҳауа рыдгьыл аҿы инеины, блала игәаҭаны анышә зеиԥшроу, акәша-мыкәша еизҳауа аҵлақәа уҳәа, убасала абжьгарақәа ҟарҵоит.