АҞӘА, жьҭаара 7– Sputnik. Даӷьысҭан, Гәнибтәи араион Имам Шамил игәашәқәа рааигәаратәи абааш ахәҭак бгеит ааигәара атуристцәа аныҟаз ҳәа аанацҳауеит РИА Новости араион ахадара адыррақәа шьаҭас иганы.
"Иахьа, асааҭ акы шыҟаз Гәнибтәи араион Имам Шамил игәашәқәа рааигәаратәи абааш ахәҭак бгеит ааигәара атуристцәа аныҟаз. Аӡәгьы ԥырхага имоуит. Ари ҟалеит мчыбжьылатәи ақәоурақәа рышьҭахь адгьыл ацәаакыраз", - аҳәоит амаҵзура адырраҭараҿы.
Арегион аҿы уажәыгь ақәа леиуеит. Иазыԥхьагәарҭоит адгьылҳәазарақәа ҟалар алшоит ҳәа, агәҽанҵарақәа ҟарҵоит ахаҳәлеиреи аҳәынҵәеиларшьшьлеиреи ҟалар ауеит ҳәа.
Даӷьысҭан, Гәнибтәи араион абааш аҭоурыхи акультуреи ирбаҟаны ишьоуп, XIX ашәышықәсазтәи аурыс арратә ҟазара иаҿырԥшыганы иахәаԥшуеит. Иахьазы иара акыр ибгеит, аҭыӡқәа еилаҳаит.