АҞӘА, жьҭаара 7 - Sputnik. 2021 шықәсазы алитературазы Нобель иаԥхьахә ианашьоуп танзаниатәи ашәҟәыҩҩы Абдулразак Гурне, ҳәа аанацҳауеит швециатәи аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Нобельтәи аилак, ҳәа аҳәоит РИА Новости.
Гурна аԥхьахә далауреатхеит "аколониализм ахҟьаԥҟьақәа хьаас рыкреи акультурақәеи аконтинентқәеи рыбжьара ахҵәацәа рлахьынҵа азхәыцреи" рзы.
Абдулразак Гурна диит Занзибар, 1948 шықәсазы, авторс дрымоуп аколониализми Мрагыларатәи Африкеи ирызку ароманқәа.
Нобельтә мчыбжьы иалагеит жьҭаара 4 азы. Алауреатцәа иранаршьоит адиплом, ахьтәы медал, 1,2 миллион доллар аԥаратә ԥхьахә.