Арадио

Џьопуа: иҟоуп зусура хацзыркхьоу апроектқәа

Ақыҭанхамҩатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны аҳәынҭқарра аԥара ззоунажьыз апроектқәа русура шцо агәаҭараз Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа атәыла мрагыларатәи араионқәа дырҭааит. Алҵшәақәа дырзааҭгылеит арадио Sputnik аефир аҿы.
Sputnik
2021 шықәсазтәи абиуџьеҭ аҟынтә ақыҭанхамҩа аҿиаразы иазоужьуп 100 миллион мааҭ аԥара. Апроектқәа ралԥшааразы еиҿкаан акомиссиа ҷыда. Иалкаан иреиӷьу апроектқәа, анаҩс апроект иарбоу амаругақәа аазхәаша анаплакқәа рыбжьарагьы аконкурс рылаҳәан. Иахьазы апроектқәа русураҿы зыда ԥсыхәа рымам амаругақәа рыла реиқәыршәара иаҿуп аҳәынҭкарра.
"Акыр ҳагханы ҳаҽуп абиуџьет адкылара ари ашықәс ахь иахьиасыз, анаҩс апрограмма аԥсахрақәа ахьаҭаххаз иахҟьаны. Аха уажәшьҭа аԥышәа ҳауит, апрограмма аԥсахрагьы ҩынтә иалаҳгалахьеит", - ҳәа азгәеит ақыҭанхамҩа аминистр.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.