Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны имҩаԥысит аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа ахьӡ аиуразы Инал Џьапуа идиссертациа ахьчара. Уи темас иаман "Аԥсны архитектуратә баҟақәа актәи азқьышықәса ҳера иаҵанакуа".
"2015 шықәсазы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Аԥсуа ҭҵааратә институт аҟны аспирантура сҭалеит, 2019 шықәсазы сҵара хсыркәшеит. Абаҟақәа ирызку адиссертациа еиуеиԥшым аматериалқәа алоуп, ҳахьыҟаз аекспедициақәа рылҵшәақәа 2015, 2017-2018 шықәсқәа рзы имҩаԥгаз. Ажәибжьтәи ашәышықәса инаркны аҳәаанырцәтәи аҵарауаа рматериалқәагьы ахархәара рызун", - иҳәеит Џьапуа.
Инарҭбааны аицәажәара аудиофаил аҟны.