Арадио

Хәытаба: Иорданиатәи ҳдиаспора ахаҭарнакцәа Аԥсныҟа аара рхықәкуп

Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаимадарақәа рзы аҟәша аиҳабы Инал Хәытаба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Иорданиа рныҟәара ахықәкы атәы.
Sputnik
Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аделегациа аҭаан иҟан Иорданиа Хашимиттәи Акралра. Урҭ аныҟәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥган уа иҟоу ачерқьесцәа рхеидкылақәа рҿы аиҧыларақәа.
Хықәкыла изԥылаз Аԥснынтәи инеиз аделегациа, излацәажәаз, аԥхьаҟазы аусеицура аганахьала иалкаахаз азҵаатәқәа уҳәа далацәажәеит арадио Sputnik аефир аҟны Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаимадарақәа рзы аҟәша аиҳабы Инал Хәытаба.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.