Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Смыр аҽыбӷаҟазара иазкны

Гәдоуҭа араион Ҟәланырхәа ақыҭа инхо Саид Смыр арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҽыбӷаҟазара иԥсҭазаараҟны ҭыԥс иааннакыло, иқыҭаҟны иахьазы уи азҿлымҳара ахьынӡамоу атәы.
Sputnik
Ҟәланырхәа инхо Саид Смыр хәышықәса анихыҵуаз аахыс аҽықәтәара бзиа ибоит, аицлабрақәа ихы рылаирхәоит, ихатә ҽыҩ имоуп.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.