АҞӘА, жьҭаара 8 - Sputnik. Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко COVID-19 аҭагылазаашьа акыр ишәарҭоуп, ҳәа ахиҳәааит ҳәа аанацҳауеит амаҵзура Прайм.
"Иахьазы атәылаҿ акоронавирустә инфекциа аҭагылазаашьа акыр ишәарҭоуп", - ҳәа иҳәеит Мурашко ажурналистцәа дрыҿцәажәо.
1,38 миллион-ҩык акоронавирус рыманы ахәшәтәырҭақәа ирҭоуп, иҟоуп аҩны ишьҭоу, ҳәа азгәеиҭеит Мурашко.
Акоронавирус аламырҵәаразы аоперативтә штаб адыррақәа рыла COVID-19 змоу рхыԥхьаӡара уахыки-ҽнаки рыла 27 246-ҩык ихалеит 7 717 рҟынтәи. Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла 936-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит COVID-иахҟьаны.