"Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." РУСДРАМ асценаҿы

Жьҭаара 9 рзы Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы имҩаԥысит Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа лконцерт.
Sputnik
Жьҭаара 9 рзы РУСДРАМ асценаҿы имҩаԥысит Жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит...". Жьҭаара 9 рзы даҽа концертк мҩаԥгахоит.
Жәларбжьаратәи афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…" еиҿкаан 2001 шықәса рзы, Аԥсны имҩаԥысуан. Уи аахижьҭеи иара агеографиа арҭбааит. Афестиваль аконцертқәа мҩаԥысуан Москва Чаиковски ихьӡ зху Аконцерттә зал аҿы, К. С. Станиславскии В. И. Немирович-Данченкои рыхьӡ зху Амузыкатә театр аҿы, Ниу-Иорк Карнеги-холл аҿы, Вена Музикфераин азал аҿы, Швеицариа Санкт-Морице аҿы.
2020 шықәсазы афестиваль мҩаԥымсӡеит акоронавирус азы апандемиа иахҟьаны.
Аԥсны иҟоу аепидҭагылазаашьа ҳасаб азуны атеатр аҟны аҭыԥқәа рмаҷын - 495 рҟынтәи 240-нӡа.
Хьыбла Гьерзмааԥҳа — иналукааша урыстәылатәи шәаҳәаҩуп, адунеи иреиҳаӡоу атеатрқәа рҿы дықәгылахьеит. Метрополитен-опера, Венатәи аҳәынҭқарратә опера, Бавариатәи аҳәынҭқарратә опера, Шатлеии Шанз-Елизеи, петербургтәи Мариинтәи атеатри рҿы изныкымкәа дықәгылахьеит. 2008 шықәса рзы имҩаԥысит Лондон, Ковент Гарден аҟны лдебиут – Чаиковски иопера "Евгени Онегин" аҿы.
1 / 11
Жьҭаара 9 рзы Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы имҩаԥысит Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа лконцерт.
2 / 11
РУСДРАМ асценаҿы имҩаԥысит Жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит...". Жьҭаара 9 рзы даҽа концертк мҩаԥгахоит.
3 / 11
Аоператә шәаҳәаҩы иналыгӡеит 16 шәа- аромансқәеи адунеи аҟны еицырдыруа авторцәа роператә партиақәеи.
4 / 11
Афестиваль мҩаԥыргараны иҟан нанҳәамзазы, аха Аԥсны иҟоу аепидҭагылазаашьа иахҟьаны жьҭаарамзахь ииаган.
5 / 11
Аконцерт аиҿкааҩцәа аепидҭагылазаашьа ҳасаб азуны атеатр аҟны аҭыԥқәа дырмаҷит - 495 рҟынтәи 240-нӡа.
6 / 11
Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка ашәа лыцылҳәон, ароиаль алырҳәон Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистка Екатерина Ганелина.
7 / 11
Жәларбжьаратәи афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…" еиҿкаан 2001 шықәса рзы.
8 / 11
Афестиваль аконцертқәа мҩаԥысуан Москва Чаиковски ихьӡ зху Аконцерттә зал аҿы, К. С. Станиславскии В. И. Немирович-Данченкои рыхьӡ зху Амузыкатә театр аҿы, Ниу-Иорк Карнеги-холл аҿы, Вена Музикфераин азал аҿы, Швеицариа Санкт-Морице аҿы.
9 / 11
Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистка Екатерина Ганелина иалырҳәоз Иапониантәи иаагаз ароиаль Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа ҳамҭас иарҭоит.
10 / 11
Аоператә шәаҳәаҩы иналыгӡоз аԥсуа жәлар рашәа азал аҿы итәаз ауаа илыцырҳәон.
11 / 11
Хьыбла Гьерзмааԥҳа — иналукааша урыстәылатәи шәаҳәаҩуп, адунеи иреиҳаӡоу атеатрқәа рҿы дықәгылахьеит.